Арадио

Ҷанԥҳа Гәдоуҭатәи телехәаԥшра аусуразы: уада хәыҷык аҟынтә ихацҳаркуеит

Гәдоуҭатәи араионтә телехәаԥшра аиҳабы Лариса Ҷанԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ателехәаԥшра аусура заанкылаз атәы.
Sputnik

 

"Бжьышықәса ҵуеит "Аԥсныеимадара" иатщу ахыбрахь ииасыижьҭеи Гәдоуҭатәи араионтә телехәаԥшра. Аԥхьанатә ахыбра уашәшәырын, ахыбра зтәу, еиҭашьақәдыргылараны иҟан, аха абарҭ бжьышықәса ирылагӡаны изалымыршахеит ахыбра ҟарҵартә еиԥш. Ақәа ӷәӷәаны ианлеиуа ахыбра аӡы кылсуеит, узыҩнамло иҟалоит, еиҳарак адиктортә уада, уаҟоуп абжьы ахьанаҳҵо. Араион ахада иҳарбеит ҳҭагылазаашьа, иара "Аԥсныеимадара" ахаҭарнакцәеи иареи еицәажәеит, аха макьана иҟам ус еиԥш алшара уи аус рыӡбаратә, избанзар ахыбра дууп, ахарџь рацәа аҭахуп. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо иҿаԥхьа иқәдыргылеит азҵаара ахыбра араион ахадара иадырҵарц, уажәы ҳазыԥшуп уи ианырыӡбо ҳәа. Уажәазы иҳаӡбеит, иахьшәарҭам ауадаҟнытә аусура ҳалагарц, амҽыша аефир ахь ҳҭыҵырц", -еиҭалҳәеит Ҷанԥҳа.          

 

Инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.