Арадио

Ҷаниа Қарҭ ақәҵарала аԥсуа школқәа раркразы: аполитикатә ҳауа Аԥсны акырӡа аҽеиҭанакит

Март 13, 1945 шықәсазы Қырҭтәыла ацентртә компартиа ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны аԥсуа школкәа раркразы ақәҵара. Апублицист Терент Ҷаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит усҟантәи ахҭысқәа рыҿиашьа шыҟалаз атәы.
Sputnik
Ҷаниа Қарҭ ақәҵарала аԥсуа школқәа раркразы: аполитикатә ҳауа Аԥсны акырӡа аҽеиҭанакит

"Сара иахьа еиԥш исгәалашәоит аҩбатәи акласс ақырҭтәи алагарҭатә школ аҿы ҳаннеиз арҵаҩы дааҳадгылан ус лҳәеит: "иахьарнахыс аԥсышәала аҵара ҳаҟәыҵуеит, қырҭшәала аҵара ҳалагароуп ҳәа хыхьынтә ақәҵара ҳзааит" ҳәа. Убри инаркны аполитикатә ҳауа Аԥсны аҽаԥсахуеит. Аԥсны еицырдыруаз аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, раԥхьа инаргыланы Шьаҟрыли Шьынқәбеи рнапы аҵаҩны Москва ацентратә комитет ахь ашәҟәы рыҩит аԥсуаа рзинқәа иахьатәи қырҭтәылатәи аиҳабыра аиҵатәра иаҿуп ҳәа. Ари Қырҭтәыла азы даара иԥшӡамыз ҳәамҭан. Ахҭыс ацҭәы алымхӡақәа аусқәа царцаз ашәҟәы ырхынҳәны Қырҭтәылаҟа иаарышьҭит. Уи иаанагоз арҭ ирыҩыз акгьы иаԥсаӡам, акгьы аҵанакӡом, Аԥсны Қырҭтәыла анапаҵаҟны иҟоуп ҳәа акәын. Ашколқәа раркра даара ирыцҳара дууны иҟалеит Аԥсны азы, избанзар, уаанӡа аԥсуа графика зхы иазырхәоз Гәлиеи Маҷавариани иҟарҵахьаз алфавит ҟәыбаса илықәҵаны ақырҭуа алфавит алыргалеит", - игәалаиршәоит Ҷаниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: