Арадио

Чачибаиа Марттәи ажәыларазы: зда ԥсыхәа амамыз акәын

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Ныгәзар Чачибаиа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Марттәи ажәылара.
Sputnik
Чачибаиа Марттәи ажәыларазы: зда ԥсыхәа амамыз акәын

27 шықәса раԥхьа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анҵоз аамҭазы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара мҩаԥыргеит, аха уи иззыԥшыз алҵшәа аимуӡеит, еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа.

"Аԥышәа змамыз ыҟан аҷкәынцәа, ажәылара иалахәыз, арра имцацыз, 17-18 шықәса зхыҵуаз рацәаҩын. Аибашьра ҳазхиамызт, аха ҳанҭагыла, зегьы абџьар шьҭаҳхыр акәхеит. Ҳара ҳгәыԥ напхгара аиҭон Амиран Берзениа, аибашьра ашьҭахь машәырла иԥсҭазаара далҵит. Адесант-жәыларатә гәыԥ ҳалан, Пицунда  аҽазыҟаҵарақәа ҳаман. Март азы ажәылара ҟалоит ҳәа ҳаздыруамызт, мызқәак иҵегьы инахахоз џьаҳшьон, уаанӡа иҵегьы хәыҷык ҳазыҟарҵозар ҳәа акәын. Гәымсҭа аганахьала март азы ажәылара ҟамлазҭгьы, ақырҭцәа Очамчыра аганахьала ижәыларц ргәы иҭан ҳәа ҳаԥшыхәцәа адырра рыман. Ԥсыхәа амамкәа имҩаԥгаз жәыларан усҟан, ашьҭахь ауп уи анырҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Чачибаиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәазыӡырҩырц шәылшоит: