НАТО аӷбақәа Ҟрым акәша-мыкәша рызҭаԥшыхәуам

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҩада-атлантикатә алианс аӷбақәа Амшынеиқәаҿ Урыстәыла аҳәаақәа акыр рыҽрыдырхалоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. НАТО аӷбақәа Ҟрым акәша-мыкәша рызҭаԥшыхәуам амшынԥшаҳәатә арадиоелектронтә ҿагыларатә хархәагақәа рымшала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҭынчра ахыҵхырҭа", "ахшыҩ аԥсра", "агәыла ду": НАТО аиубилеитә саммит

Амаҵзура иаҿцәажәаз ишиҳәаз ала, ахархәагақәа аԥшыхәратә аппаратура аусура аԥкра адагьы аӷбақәа рнавигациатә системақәа шьақәдыҟьоит. Уи иалҵшәаны акоординат ԥаршеиқәа рырбара иалагоит.

НАТО аӷбақәа рыԥшыхәратә усмҩаԥгатәқәа ззырхоу акоммуникациатәии ацифратәи ҳақәа рҽыргәылахалароуп.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҩада-атлантикатә алианс аӷбақәа Амшынеиқәаҿ Урыстәыла аҳәаақәа акыр рыҽрыдырхалоит.

Убас, жәабран 23 рзы Амшын Еиқәа аӡқәа ирҭалеит аесминец "Росс". Америкатәи аруаа уи ҵаҵӷәдыркит "арегионалтә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи" реиқәыршәараз ауп ҳәа.