Шәачеи Краснодари аҳаирбаӷәазақәа рҿы ашәарҭадара дырӷәӷәеит

Шәачеи Краснодари аҳаирбаӷәазақәа рҿы ашәарҭадара иаҿырԥшны ацқьара ахылаԥшра дырӷәӷәеит адунеи аҿы алаҵәара зауз коронавирус иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Коронавирус COVID-19 алаҵәара инадҳәаланы Шәачеи Краснодари аҳаирбаӷәазақәа рҿы ашәарҭадара дырӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәаа адыркит

Аиҭакрақәа ыҟоуп акрыфарачарҭатә ҭыԥқәа рсанитартә хылаԥшразы. Арҭ ахыбрақәа рҟны ашәқәа, атәарҭақәа, амаакырақәа уҳәа адезинфекциа рзуразы иаахәоуп антисептикатә маҭәашьарқәа.

Иара убасгьы адезинфекциа амҩаԥгаразы иаԥҵоуп абригада ҿыцқәа.

Уи адагьы абаӷәазақәа рҿы иааиԥмырҟьаӡакәа хылаԥшра ҟарҵоит Роспотребнадзор ахаҭарнакцәа. Аҳәаанырцәынтә иаауа зегьы аҭҵаара ҷыда рзымҩаԥыргоит.

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла авирус рыдбалоуп 63-ҩык ауаа.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

  • Урыстәыла адәқьанқәа ҭадырцәуа иалагеит
  • ВОЗ коронавирус иадҳәало аҭагылазаашьа пандемиоуп ҳәа ахырҳәааит