Арадио

Ҭыжәба еиҭеиҳәеит акоронавирус ҿки алхрақәеи рзы Гал ирыдыркыло ауснагӡатәқәа ртәы

Гал араион ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Генрих Ҭыжәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акороновирус ҿкы аҽацәыхьчаразы иҟаҵоу, иара убас араион аҟны алхрақәа рымҩаԥгара иахьынӡазыҟаҵоу.
Sputnik
Ҭыжәба еиҭеиҳәеит акоронавирус ҿки алхрақәеи рзы Гал ирыдыркыло ауснагӡатәқәа ртәы

"Иахьа Хәажәкыратәи ажәылара анымҩаԥгаз агәалашәаратә мшазы ашәҭқәа шьҭаҳҵеит абаҟа аҟны ақалақь анапхгараҿы аус зуа зегьы. Акоронавирус ҿкы амшала ауаа рацәа еизаҳамгеит. Амза 11 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо иҭижьыз аусԥҟа инақәыршәаны, амза 14 рзы аҳәаа аркын. Уи ахысра азин рымоуп Егрытәи афымцатә станциа аусзуҩцәа, егьырҭ рзы анкьа иҟаз аиҭанеиааира аанкылоуп. Гал араион аҟны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ҳарзыхиоуп. Асиа иануп 1148-ҩык, урҭ абжьыҭара азин рымоуп, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба ыҟоуп", - иҳәеит Ҭыжәба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: