Женеватәи аиҿцәажәарақәа акоронавирус азы раамҭа иахыргоит

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟан хәажәкыра 31 - мшаԥы 1 рыбжьара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа коронавирус ацәшәара инадҳәаланы рыҿҳәара иахыгоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

"Аофициалтә шәҟәы ҳауит аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рҟынтәи. Аиҿцәажәарақәа анымҩаԥгахо арыцхә макьаназы ишьақәыргылам" - иҳәеит иара.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи араунд мҩаԥысраны иҟан хәажәкыра 31 - мшаԥы 1 рзы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза аахыс. Иахьатәи аамҭазы абразаҵәык ауп Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа ахьеиқәшәо ҭыԥны иҟоу.

Уи адагьы аиҿцәажәарақәа ирылахәуп Урыстәыла, ЕАА, ООН, ОБСЕ, ЕС рхаҭарнакцәа.