"Акоронавирус уажәы зегьы алацәажәоит, аха ашәаӡыӡара еиҳауп ҳәа сгәы иаанагоит уи иацу ашәарҭара аасҭа, аӡәы ииҭахушәа ауаа рыршәара, амцхә ахцәажәара ыҟоушәа збоит. Ауаа ирыцхраатәуп, абри ачымазара ихьуазар, иаразнак аилкаара аганахьала иаҳа аус адырулазҭгьы, алҵшәа бзиахон.
Сара сызлахәаԥшуа ала, абри адунеи аҟны аҭыԥ змоу ахҭысқәа, анефт ахә акаҳара уҳәа реиԥш иҟоу зегьы знапаҿы иҟоу Афедералтә ҭаҵәахтә системоуп. Еилкаауп аҳәынҭқаррақәа зегьы иахьа рхы иақәиҭӡам, центрк аҟынтәи ауп зегь шцо. Игәауҭаратәы иҟоуп адунеитә економика иахьа Америка ишдырхәашьуа. Ҳара Америка ҳәа иаҳбо аҳәынҭқарра - уи антуражуп, ахатә ԥара амаӡам. Адоллар зтәу Афедералтә ҭаҵәахтә системоуп, уи зтәу аӡәгьы издырӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҳақьым Шьоууа акоронавирус азы: аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, ажәлар аиаша рдырроуп
Аԥсны акоронавирус аҿагыларазы амедусзуҩцәа рзы агуманитартә цхыраара ааит