Акоронавирус иахҟьаны Урыстәыла раԥхьатәи аԥсыҭбара ҟалеит

Зыԥсҭазаара иалҵыз аԥҳәыс 79 шықәса лхыҵуан, акоронавирус адагьы лара имаҷымкәа ачымазарақәа лыман.
Sputnik

АҞӘА, хәаәкыра 19 - Sputnik. Аинфекциа акоронавирус зыдырбалахьаз аԥхәыс бырг лыԥсҭазаара далцит, Москва. Абри атәы аанацҳауеит акоронавирус азы аҭагылазаашьа хылаԥшра азҭо москватәи аоперативтә штаб.

"Аԥҳәыс лыԥсҭазаара алҵра иарццакит илылаҽны иҟаз ачымазара хкқәа: ашьақарчымазара, агәыхь, лдассақәа рышәаҳара, лҷаҷа ахаҳә амазаара", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Лара ахәышәтәырҭахь днаган хәажәкыра 13 рзы. Акоронавирус лымоуп ҳәа анышьақәдырӷәӷәа ашьҭахь аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа №2 ахь диаган.

"Уажәы уи лыуа-лҭынха амедицинатә усзуҩцәа хылаԥшра рырҭоит, дара макьаназ шәарҭара рыдбалам", - рҳәеит аштаб аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: