Арадио

Ԥлиа еиҭеиҳәеит Цандрыԥшь аҳабла алхрақәа иахьынӡазыҟаҵоу

Цандрыԥшь аҳабла ахада Бадра Ԥлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҭыԥан имҩаԥысуа аусурақәа ртәы, насгьы атәыла ахада иалхрақәа иахьынӡазыҟаҵоу.
Sputnik
Ԥлиа еиҭеиҳәеит Цандрыԥшь аҳабла алхрақәа иахьынӡазыҟаҵоу

Аҳабла ахада иажәақәа рыла, Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рхы алархәразы азин рымоуп 2600-ҩык ауааԥсыра.

"Цандрыԥшь иқәынхо иаҳа ирацәоуп Аԥсны атәылауаҩ змоу реиҳа, избанзар иҟоуп Урыстәыла иҭаҩҩу, аха ара инхо. Алхрақәа рхы рылархәра азин рымоуп 2600-ҩык. Аҳабла иқәынхо рхыԥхьаӡара 5000-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Алхратә ҭыԥқәа алкааны иҟоуп, акомиссиа асиақәа реиқәыршәара иаҿуп, аҳаблаҿы алхрақәа рзы ҳаиқәшәоуп", - еиҭеиҳәеит Ԥлиа.

Цандрыԥшьтәи авокзал улаҿы иааиуа иҟалеит

Бадра Ԥлиа иара убас иазгәеиҭеит, Цандрыԥшь аҳабла арыцқьарақәа рзы аусурақәа шцо.

"Акурорттә аамҭазы Цанрыԥшь аҳабла ахаҿсахьа арԥшӡара ҳаҿуп. Иахьагьы адахьтәи алашарбагақәа ҳаԥсахуеит. Амшынеиқәафымцамч имҩаԥырго аусурақәа ирыбзоураны афымцалашара еиӷьызтәуа атрансформатор ҳзықәдыргылоит. Иҟоу зегьы ауадаҩрақәа хәыҷы-хәыҷла рыӡбара ҳаҿуп. Адәыӷба аанҿысырҭа акәзар, ашәрақәа рыда зегьы ҟаҵоуп. Аҩныҵҟатәи аусқәа макьана ҳармылагацт, аха иҩнажьыз агәамсам зегьы ҩныганы ирыцқьаны иҟаҳҵеит, ҳгәы иҭоуп арҽеиратә усурақәа зегьы лаҵарамзанӡа ихҳаркәшап ҳәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥлиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: