Аџыш, арзҩыдатәга: аԥсуаа ахада дшалырхуа

Sputnik

Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы аус зуаз алхырҭатә ҭыԥқәа адыркит асааҭ 20:00 рзы.

Зынӡа атәылаҟны абжьыҭара мҩаԥысуан алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҿы, иара убас Москвеи Черқьесски Аԥсны атәылауаа рыбжьы арҭар рылшон. Зынӡа абжьыҭаразы азин рымоуп 127 нызқьи 232-ҩык алхыҩцәа

Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы еицҿакны иаартын асааҭ 8:00 рзы. Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, асааҭ 12:00 рзы Аԥсны ахы-аҵыхәа рыбжьы арҭахьан 23,78% алхыҩцәа, асааҭ 15:00 рзы ауаа рааишьа иартәеит 43,29%, 18:00 рзы – 58,85%. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа рылаҳәан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

1 / 13
Хәажәкыра 22 рзы Аԥсны ахада иеиҭалхраан абжьыҭара мҩаԥысуеит Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш Москвеи Черқьесски.
2 / 13
Акоронавирус аҽацәыхьчаразы алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны аус зуаз зегьы ирыҭан акасыш иалху аҿаршәқәеи адезинфекциа злаҟарҵо амаҭәахәқәеи.
3 / 13
АКХ аҟны еиҿкаау Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны алхрақәа шымҩаԥысуа азы аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа рҳәоит.
4 / 13
Акоронавирус зҽацәызыхьчо ажурналистцәа
5 / 13
Алхрақәа рҟны ашәарҭадара иахылаԥшуеит аԥснытәи амилициа аусзуҩцәа.
6 / 13
Аахыҵ Уаԥстәылантәи анаԥшцәа Аԥсны алхрақәа рхылаԥшразы иааит.
7 / 13
Аслан Бжьаниа ибжьы аиҭеит алхратә ҭыԥ №5, иқыҭа гәакьа Тамшь еиҿкаау 31-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны.
8 / 13
Алхрақәа мҩаԥысуеит атәыла алхратә ҭыԥқәа 152 рҟны, иара убас анҭыҵ – ақалақьқәа Москвеи Черқьесски.
9 / 13
Аԥсны ахадарахьы акандидат Леонид Ӡаԥшьба ибжьы аиҭеит Аҟәа, афбатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы (алхырҭатә ҭыԥ хада №2).
10 / 13
Акоронавирус аџыш иацәшәоит ҳәа ауҳәансҳәан гәароуп.
11 / 13
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба ибжьы аиҭеит Афон ҿыц ақалақь аҟны иҟоу актәи алхратә ҭыԥ хада алхырҭатә ҭыԥ 20 аҟны.
12 / 13
Алхратә комиссиа хада, Апрокуратура хада рнапхгаҩцәа, иара убас Адәныҟатәи аусқәеи Аҩнуҵҟатәи аусқәеи рминистрцәа атәылауаа адырра рырҭалоит Аԥсны ахада иалхратә процесс шымҩаԥысуа.
13 / 13
Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы аус зуаз алхырҭатә ҭыԥқәа адыркит асааҭ 20:00 рзы.