"Адунеи аҿы иҟоуп амилаҭқәа миллионла, аҳәынҭқаррагьы, аҳәынҭқарратә хдыррагьы, иалырхуагьы рымам, уи аҩыза аҭагылазаашьа ԥхыӡла ирбар изаку рзеилкааӡом. Ҳара 100 нызықьҩык ҳаҟаӡам, аха ҳҵеицәа рыбзоурала аиааира дуӡӡа ҳгеит, уи аамышьҭахь ҳҳәынҭқарра еиҭа иҳархынҳәит. Алхарқәа маҷымкәа иахьа уажәраанӡа иҟаҳҵеит, ҳҳәынҭқарра ҳнапаҟны иҟоуп, уи ҳақәиҭуп, уи насыԥ дуӡӡаны исыԥхьаӡоит сара. Алхрақәа анымҩаԥысуа аимак-аиҿак ҟалозар, уи иара иаҟазшьоуп, уигьы ҳашьцылап, наҟ-наҟ ҳаԥсуа ҟазшьа инақәыршәаны, иаҳа аамсҭашәала имҩаԥааго ҳалагоит. Ус ишыҟало агәыӷра снаҭеит аҵыхәтәантәи алхрақәа амҩасшьа. Ажәытә рымҩаԥысшьа аасҭа кырӡа еиӷьны, иаҳа аамсҭашәала, иаҳа ишаҭаху еиԥш имҩаԥысит ҳәа ахәшьара асҭоит. Акандидатцәа еилых ҟамҵаӡакәа уара утәы, сара стәы ҳәа уҳәа аԥышәарақәа зегьы ҳархысит. Ауааԥсыра ҭынч ицеит, рыбжьы арҭеит, уи ҳажәлар рыхьӡала иааираны исыԥхьаӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷкотуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аиааира ахыԥхьаӡарақәа: Аԥсны ахада иалхрақәа заанаҵтәи адыррақәа
Аполитик ииҳәаз абжа-еиҭабжа наигӡар, ма алхратә кампаниа ашьҭахьтәи акәаԥ