Аԥхынтәи Аолимпиада-2020 аҿҳәара иахыгахоит

Токио имҩаԥысраны иҟаз Аԥхынтәи Аолимпиада-2020 аҿҳәара инахахоит шықәсык аҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Токио агубернатор Иурико Коике аҳәамҭа ҟалҵеит Аолимпиадаҽаанахьы иахыгахоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Коике лажәақәа рыла, Иапониа аԥыза-министр Синдз Абеи МОК ахада Томас Бахи Аолимпиада амҩаԥгара азҵаара ҭелла иалацәажәеит. Дара азкылсит ауснагӡатә аҿҳәара инахазар еиӷьуп ҳәа.

"Токиотәи Аолимпиада аҟамлара иалацәажәатәӡам. Аҿҳәара ҽааны аԥхынрахь инахахоит ауп. Уи азы Синдзо Абе ажәадгала ҟаиҵеит, Бах уи дақәшаҳаҭхеит", - лҳәеит агубернатор.

Ахәмаррақәа азыԥхьагәаҭан ԥхынгәы 24 - нанҳәа 9 рзы.