Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаҩцәа Аиааира аестафета иацырҵеит

Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аиааира иазку аестафета маԥысуеит Ихьыԥшым Атәылақәа Реилазаара атәылақәа рыдәныҟатә ҳәаа инықәҵаны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны имҩаԥысит Аиааира аестафета. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аестафета асимвол рымардеит Ҟарачы-Черқьесск иҟоу Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аԥсны иахьаҵанакуа аестафета 200 километр инаӡоит. Иара алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Гагра, Аҟәа, Гал, Очамчыра, Гәдоуҭа.

Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаҩцәа Аиааира аестафета иацырҵеит

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын 55 нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра, рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 17 нызқьҩык. 22-ҩык "Асовет еидгыла Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳарак ранашьахеит.