Умҩа куп: Аԥсны акоронавирус аҿагылашьас иарҭо

Sputnik

Акоронавирус ҿкы зыхьуа ачымазцәа ҟалахьеит Аԥсны иаԥну атәылақәа зегьы рҿы. Атәыла аҩнуҵҟа бзиашәа макьана аӡәгьы идрымбалацт. Аха ус шакәугьы аиҳабыра аԥкрақәа аланагалеит. Аџьармыкьақәа раркреи, ауаажәларратә транспорт аусура аанкылареи инарываргыланы, ахәаша хәажәкыра 27 рзы атәыла аиҳабыра аҳәамҭа ҟарҵеит аҭагылазаашьа ҷыда шалагалахо азы. 

Аԥсны ауааԥсыра аӡәырҩы ахыхьчара ҩ-напыкала рҽазыркит, агәҽанызаара рымоуп: аҿаршәқәеи асабрадақәеи зхоу ауаа рбара аӡәгьы иџьаишьаӡом шьҭа. Аха зегьыҵәҟьа ус рхы мҩаԥыргом. Адәқьанқәа рҟны аахәаҩцәа метра-метрак еиҵамкәа ирыбжьазароуп ҳәа аԥҟара еиларгоит. Аԥсшәеибыҳәараан анапеимыхреи агәыдеибакылареи иацәхьаҵуагьы зынӡа ирацәам. 

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра амедицинатә усбарҭа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аусура иалагеит. Аҳәаа иахысуа ауааԥсыра зегьы ашоура рымазар гәарҭоит.

Аԥшьаша, хәажәкыра 26 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашҭаҿы иаартуп "аихшаратә пункт". Уаҟа аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылалоит, нас доусы иахьрықәнагоу ахәышәтәырҭақәа рахь ирышьҭлоит.

Абри аамҭазы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Аԥсны акоронавирус аӡәгьы идбалаӡам. Агәабзиарахьчара аминистрра ауаажәлар ргәы рҽанырҵоит ҭынч аҩны иҟазарц, ашәара рхы арымҭарц. 

  • Аԥсны акоронавирус аҿагылара шцо атәы шәаԥхьар шәылшоит абра>> 
1 / 14
Аԥсны аџьармыкьақәа зегьы русура аанкылоуп хәажәкыра 28 инаркны акоронавирус аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны.
2 / 14
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атауарқәа рыхә ашьҭыхра ҟалаӡом ҳәа зҳәо ақәҵара инапы аҵаиҩит.
3 / 14
Аԥсны афатә аалыҵқәа разымхара ыҟаӡам. Урыстәылантәи зегьы шааргац иааргоит.
4 / 14
Аԥсны ауааԥсыра аӡәырҩы ахдырраа аарԥшны амедицинатә сабрадақәа рҿадыршәуеит.
5 / 14
Ахәаша, хәажәкыра 27 рзы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа рыларҳәеит. Абас еиԥш аӡбара рыдыркылеит Апарламент адепутатцәа, ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иаԥшьгара иазыразны.
6 / 14
Аԥсны абанкқәа рахь неишьа умаӡам амедицинатә сабрадеи анапхазқәеи ухамзар. Абанк аусзуҩцәа аҭааҩцәа адезинфекциатә маҭәашьарқәа рырҭоит, ахыхьчара шаҭаху рзеиҭарҳәоит.
7 / 14
Амедицинатә сабрадақәа уажәы аламала иузыԥшаауам, аха иҟоуп иҿаҵаны иахьуӡахша аҭыԥқәа.
8 / 14
Аԥсны аҳақьымцәа ауаа ирабжьыргоит метрак иеиҵымкәа еизааигәамхарц, аха ари аԥҟара иқәныҟәо даара имаҷуп.
9 / 14
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ала аҳәаа иахысуа ауааԥсыра зегьы ашоура рымазар гәарҭоит.
10 / 14
Аԥсны Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашҭаҿы амшьамбақәа ргылоуп, уаҟа аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылоит, игәарҭоит, анаҩс рҽахьырхәышәтәыша рарҳәоит.
11 / 14
Аԥҭекақәа рҿы ауаа рацәа еидизалоит, аха ахәшәқәа разымхара ыҟаӡам. Инҵәаз амедицинатә ҿаршәқәеи адезинфекциатә маҭәашьарқәеи роуп.
12 / 14
Аҿаршәқәа разымхара излауала иацхраарц иаҿуп аҭыԥантәи аӡахцәа.
13 / 14
Аҳақьымцәа аҩны шәыҟаз ҳәа абжьгарақәа шыҟарҵогьы, аԥсыӡкцәа абжьааԥнеиԥш рҭыԥ аҿы итәоуп, аԥсыӡ ркуеит.
14 / 14
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус ашәарҭара рацәак ирныруам, иҟалап аԥсабара аԥшӡареи убла хызкуа амраҭашәарақәеи рзы акәзар.