"Ауаа шеиԥшым еиԥш ауп рхы шымҩаԥырго, зегьы аԥҟарақәа ирылаҳәаз ирықәныҟәоит ҳәа шәасҳәар, уи иашам, аха бжеиҳан еилыркаауеит рхы шырхьчаша, аҩны атәара шаҭаху. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ақалақь ҳазладҳәалоу ала ақыҭақәа рҿы ачароура маҷхеит, ақалақь аҟны иҟоу азалқәа рҿы ауп иахьымҩаԥырго аҟынтә ачарақәа ируам уажәы. Ақыҭақәа рхадацәеи ҳареи аицәажәарақәа мҩаԥаагеит, излауала ауаа ирылаланы ирарҳәарц аизара шаҭахым. Арыцҳара иақәшәаз еилкаауп иаҳәара цәгьоуп, ҳҵас-ҳқьабз шыҟоу зегьы иаҳдыруеит, аха излауала ахыхьчаразы ацәажәарақәа мҩаԥаагеит. Ус ауаа ирацәаҩны еизоит ҳәа акгьы ҳмаҳацт, иаҳбап аԥхьаҟа ишыҟало", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Аԥсны акоронавирус аҽцәыхьчаразы иалагалоу аԥкрақәа ртәы шәахәаԥшырц ҟалоит абра>>