"Аҳәаа ркуижьҭеи уахьгьы аӡәгьы дҳашьҭуам, арахьгьы аӡәгьы дааҳашьҭуам. Убри нахыс закәанда аҳәаа ахыҵра ахҭысқәа иаҳа иацлеит. Акомендантә сааҭ алаҳгалаанӡа мышкы шагыз аӡәы аҳәаа дшахыҵуаз дақәкын. Иара ихала ихы ԥхьаикит, аҳақьымцәа иҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит, макьаназы аҿкы ацәырҵшьа атәы зҳәо аҳақьымцәа акгьы идырбалан ҳәа иҟам, аха, ҩаԥхьа ас еиԥш аҭагылазаашьа ҳацәцартә еиԥш, иалаган акомендантә сааҭгьы. Араион аҿы иҟоу азинхьчаратәи амчратәи аусбарҭақәа русзуҩцәа уи хылаԥшра арҭалоит. Гал араион ауааԥсыра аҭагылазаашьа ҷыда алагаларазы акгьы ахырҳәаауам, иҟоу аҭагылазаашьа еилыркаауеит, акоординациатә штаб ахь ашшыбӷьыц ҳәа акгьы мааицт, ауаагьы амҩадуқәа рҿгьы усҟак иҟам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәычбериа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Аԥсны акоронавирус аҽцәыхьчаразы иалагалоу аԥкрақәа ртәы шәахәаԥшырц ҟалоит абра>>