Қәычбериа: ачарақәа ааныркыларц, аԥсрақәа рҟны атәара ҟарымҵарц рылаҳҳәеит
© Sputnik
"Очамчыра араион аҟны аԥсрақәа рацәаны иҟан, зегьы ирылаҳҳәеит ашьаԥа еиҵыхны атәара ҟарымҵарц. Аԥсыжрақәа рҿы атәара ҟарымҵаӡеит, аиҳараҩык иаҳҳәаз раҳаит. Убас, амчыбжь алагамҭазы иҳаҳаит Баслахә асабша ачара шыруаз, уи ҳалацәажәеит, аха дара аҽҳәара ԥҵәоуп, ауаа адырра раҳҭеит ҳәа аарыцҳаит. Зегьы уи џьашьаны аҭел иаҳзасуан. Очамчыра араион аҟны қыҭацыԥхьаӡа ирылаҳҳәеит џьара чарак аура ргәы иҭазар, рҽааныркыларц. Аԥсрақәа иахьрықәшәаз ауаҩы дҵәыуаны ицартә, ашьаԥа ргыланы атәара ҟарымҵарц раҳҳәеит", - ҳәа азгәеиҭеит Қәычбериа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Аԥсны акоронавирус аҽцәыхьчаразы иалагалоу аԥкрақәа ртәы шәахәаԥшырц ҟалоит абра>>