Урыстәыла аиҳабыра акарантин арӷәӷәара иақәшаҳаҭуп

Хәажәкыра 30 инаркны, рықәра иахьмырԥшыкәа москваа аҩнтәы режим ақәныҟәара рыдҵоуп акоронавирус алаҵәара аҽарҭбаара алмыршазарц азы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра ақәшаҳаҭуп административтә еилагарақәа рзы Азакәанеидкыла акарантин еилазго рзы аҭакԥхықәра арӷәӷәараз аԥсахрақәа ралагалара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аԥыза-министр Михаил Мишустин иажәақәа ҵаҵӷәыс иааганы.

"Уажәазы ихадароу авирус иаԥызго аԥыжәаратә усурақәа роуп. Урыстәыла аиҳабыра ақәшаҳаҭуп административтә еилагарақәа рзы Азакәанеидкыла акарантин еилазго рзы аҭакԥхықәра арӷәӷәараз аԥсахрақәа ралагалара", - иҳәеит Мишустин ихаҭыԥуааи иареи реилацәажәараан.

Аԥсахрақәа инарықәыршәаны акарантин иқәымныҟәаз, зымшала аҽаӡәы авирус шьҭкааны иԥсыз ахараԥса иқәырҵоит 150 - 300 нызқьмааҭ рҟынӡа, амаҵзурауаа рзы уи иартәоит— 300 - 500 нызқьмааҭ.

Иреиҳаӡоу ахараԥса иартәоит миллион мааҭ.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Урыстәыла авирус рымоуп 1534-ҩык. 64-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Реиҳараҩык ачымазцәа Москва инхо роуп – 1014-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: