Шәача ақалақь аҩнуҵҟа аныҟәаразы азинбӷьыцқәа рырҭоит

Шәачеи Краснодартәи атәылаҿацә аҿи автомашьынақәа рныҟәаразы еиуеиԥшым акатегориақәа иртәу аушьҭыгабӷьыцқәа рырҭоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥымза 2 - Sputnik. Шәача ақалақь аҿы аныҟәаразы азинбӷьыцқәа рырҭоит акарантин аан змаҵзуратә ҭагылазаашьа ала аусура мҩаԥызгалараны иҟоу ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Урыстәыла акарантин аилагарази аԥаршеи аларҵәарази ахараԥсақәа дырӷәӷәоит

Хәажәкыра 31 рзы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иалагалан ахалкратә ҭагылазаашьа. Адәахьы адәылҵра ҟалоит адәқьан ахь анеирази аԥҭекахь анеирази мацара.

Арегион аҵакыраҿ имҩасуа атранзит транспорт азы аушьҭыга жәҩанԥшшәыла рырҭоит. Урҭ роура ҟалоит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы.

Аушьҭыга ҟаԥшьқәа Краснодартәи атәылаҿацә аҩныҵҟа аныҟәарази аҳәаақәа рахысрази ирырҭоит.

Аушьҭыга иаҵәа рырҭоит анаплакқәа, аиҿкаарақәа, аҳәынҭусбарҭақәа – ақалақьқәа рыбзазаратә еиқәыршәара иалахәу.

Хәажәкыра 28 рзы Шәача иалагалан аԥкыра ӷәӷәақәа. Иаанкылоуп атуристцәа аԥсшьарҭаҩнқәа, асанаториақәа, аԥсшьарҭақәа рахь рыдкылара. Иаркуп акурортқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: