Владимир Путин иусуратәым амшқәа рыҿҳәара инахоуп ҳәа рылеиҳәеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин ҩынтәуп атәыла ауааԥсыра рахь аҳәамҭа ҟаиҵоижьҭеи акоронавирус ахы цәырнагазар аахыс.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥымза 2 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин алаҳәара ҟаиҵеит иусуратәым амшқәа рыҿҳәара мшаԥы 30 рҟынӡа инахоуп ҳәа.

Шәача ақалақь аҩнуҵҟа аныҟәаразы азинбӷьыцқәа рырҭоит

Мшаԥы 2 рзы атәылауаа абри атәы рылеиҳәеит.

"Иҟоу аҭагылазаашьаҟны акраҵанакуаны иҟоуп аусурҭатә ҭыԥқәа реиқәырхареи атәылауаа рлагалақәа реиԥымҟьареи", - ҳәа иҳәеит иара.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит иҟало аҭагылазаашьа иаҿырԥшны аиҳабыра иусуратәым амшқәа рхыԥхьаӡара еиҭаркуеит ҳәа.

Владимир Путин иҳәеит адунеи зегьы аҿы аепидемиа ишасакьаҳәымҭоу, аҳәара ҟаиҵеит атәылауаа амедицинатә усзуҩцәа рабжьгарақәа ирықәныҟәаларц.

Уаанӡа Путин амилаҭ рахь ихы нарханы аҳәамҭа ҟаиҵахьан хәажәкыра 25 рзы Урыстәыла Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭира арыцхә аԥсахразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: