Акоменданттә сааҭи амҩақәа раркреи: Аԥсны акарантин мчыбжьык ахылеит

Sputnik

Аԥсны атәылауаа ирылаҳәоуп зда ԥсыхәа ыҟам ак акәымзар, аҩны идәыламҵларц. Атәылаҟны иаркуп аџьармыкьақәа, акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа зегьы. Ауаажәларратә транспорт ныҟәаӡом. Асасааирҭақәеи аԥсшьарҭаҩнқәеи аԥсшьаҩцәа рыдаркылаӡом.

Гал араион акоменданттә сааҭ алагалоуп, Аберқыҭ инхо Нино Хецуриани Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭа данҭашәа ашьҭахь, лара илыдбалоуп акоронавирус. Ари аԥхәыс лыкәша-мыкәша иҟаз ауаа зегьы акарантин ахь ишьҭуп, дара аӡәгьы ачымазара ҿкы рыдбалам.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра русзуҩцәа агәаҭаратә пунктқәа рҟны аҳақьымцәа гылоуп, ииасуа зегьы ршуора ршәоит.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

1 / 11
Хәажәкыра 28 аахыс Аԥсны иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда.
2 / 11
Атәылаҿы ирылаҳәоуп акарантин, ауааԥсыра аҩны идәылымҵырц рабжьагоуп.
3 / 11
Амҩадуқәа ҭацәуп.
4 / 11
Мшаԥымза 1 инаркны аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭаратә пункт "Маҷара" аҟны амашьынаныҟәцаҩцәа ргәаҭара иалагеит.
5 / 11
Аҳақьымцәа амашьына ныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ршоура ршәоит.
6 / 11
Гал араион акоменданттә сааҭ аларгалеит, Аберқыҭ инхо Нино Хецуриани Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭа данҭашәа ашьҭахь. Аҳакьымцәа ражәақәа рыла, лара илыдбалоуп ачымазара ҿкы - акоронавирус.
7 / 11
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Гал араион амҩақәа адыркит.
8 / 11
Гәылрыԥшь амҩақәа ҭацәуп, ауаа аҩны идәылҵӡом.
9 / 11
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаҳәоит, иахьазы Аԥсны акоронавирус зыдбалоу ҳәа уаҩ дшыҟам.
10 / 11
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны аҳақьымцәа рзы имҩаԥган акоронавирус аҽацәыхьчаразы иҷыдоу атренингқәа.
11 / 11
Аҳақьымцәа идырбан асабрадақәеи иҷыдоу ашәҵатәи ииашаны рхы ишадырхәаша.