Шәача аџьармыкьа адыркит акарантин аилагара иахырҟьаны

Хәажәкыра 28 инаркны Шәача ақалақь аҿы акоронавирус аламырҵәаразы иалагалоу аԥкрақәа акыр ирӷәӷәоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥымза 5 – Sputnik. Шәачатәи аџьармыкьа адыркит акарантин аамҭазы иалагалаз асанитартә-епидемиологиатә ԥҟарақәа реилагаразы ҳәа адырра ҟанаҵоит ақалақь ахадара асаит.

Шәача ақалақь аҩнуҵҟа аныҟәаразы азинбӷьыцқәа рырҭоит

"Ахәаахәҭратә ҭыԥқәа русура азин шыҟамызгьы, аклиентцәа рыдыркылон мшаԥымза 4 рҟынӡа. Уажәшьҭа аџьармыкьа 60 мшы ҳәа иаркуп аӡбарҭа иаднакылаз аӡбарала".

Акарантинтә ԥкрақәа Шәача иалагалан хәажәкыра 28 рзы. Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор иқәҵара инақәыршәаны, акоронавирус аламырҵәаразы хазы ихәаахәҭуа аҭыԥкәа зегьы аамҭала русура ааныркылароуп.

Аԥсшьаҩцәа асасааирҭақәа рҿы рнырхара ҟалаӡом, уаҟа ауадақәа рҿаҵарагьы ԥкуп, иара убас ашьхатә курортқәа аҭааразы иаркуп. Акрыфарҭақәеи ачарҭақәеи зегьы аамҭала рышәқәа аркуп. Амҽышаҽны Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор арегион аҟны акарантин иациҵеит мшаԥымза 12 рҟынӡа.

Асабшаҽны Шәача инхо аԥҳәыс 15 нызқь мааҭ ахараԥса лықәырҵеит акарантин ахьеилалгаз азы, лара акы иалаҳәаӡамкәа акыраамҭа адәахьы илхылгеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: