Арадио

Бганба аҽыԥхьакырҭаҿы иҟоу рҭагылазаашьазы: ашоура змоу ҳәа аӡәгьы дҳамам

Гал араион акарантинтә ҭыԥ аҿы иҟоу хҩык рыдагьы еиҭа 12-ҩык ауааԥсыра аҩны адәылҵра азин рымам. Урҭ рҭагылазаашьа шыҟоу атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит араион ахада Омар Бганба.
Sputnik
Бганба аҽыԥхьакырҭаҿы иҟоу рҭагылазаашьазы: ашоура змоу ҳәа аӡәгьы дҳамам

"Ҳраион аҿы иҟоуп еиҭа 12-ҩык зхала зҽыԥхьазкыз. Урҭ рыҩнаҭақәа рҿы иҟоуп, шьоукы ақалақь аҿы инхоит, егьырҭ - ақыҭақәа рҿы. Аусбарҭақәа реиҳабацәа есҽны инеиуеит игәарҭоит аҩны иҟоу иҟаму. Агәылацәа ирыҿцәажәоит, урҭгьы рылаԥш рхуп. Уи адагьы амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа есҽны инеиуеит, ршоура ршәоит, ргәабзиара гәарҭоит. Даргьы шьҭа рацәак аамҭа рзаанымхеит, 14 мшы шаанҵәалак рхы иақәиҭуп. Иааидкыланы, ашоура змоу ҳәа аӡәгьы дҳамаӡам. Уаанӡа араион аҳәааҿы аӡәгьы даурмышьҭуазҭгьы, уажәы аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәаҭаны, азин ыҟоуп араион анҭыҵ афатә-ажәтә аагаразы ацара. Ҳәарада, апост аҿы игылоу амедиаҳәшьцәа ицо иаауа зегьы гәарҭоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бганба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>