Ажьырныҳәа аахыс раԥхьаӡа акәны иаха Китаи акоронавирус иахҟьаны ԥсыҭбара ҟамлеит

КЖәР аиҳабыра хәажәкыра анҵәамҭазы ирыларҳәеит COVID -19 аепидема атәылаҿы иаиааиит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Ажьырныҳәа аахыс Китаи коронавирус иадҳәаланы ԥсыҭбара ҟамлеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аепидемиа аамҭазы Китаи 81 000 коронавирустә хҭыс аҭыԥ аман. Иахьазы ачымазара рымоуп 1242-ҩык, 77 000-ҩык ахәышәтәырҭақәа иҭырҩааит, 3331 пациент иԥсҭазаара иалҵит.

Мшаԥы 1 аахыс ачымазара симптомда иуԥыло иалагеит. Уи ауаҩы изы ишәарҭам.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара хәажәкыра 11 рзы коронавирус пандемиоуп ҳәа рыланаҳәеит. Ачымазара ахы цәырнагеит Китаи, 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

Хәажәкыра 29 рзы КЖәР аиҳабыра хәажәкыра анҵәамҭазы ирыларҳәеит COVID-19 аепидема атәылаҿы иаиааит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: