Арадио

Џьопуа: аԥстәқәа ирыхьуа акоронавирус ауаа рзы иахьа ишәарҭам

Ареспубликатә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит аԥстәқәагьы акоронавирус шрыхьуа, аха ауаа рзы уи шәарҭара шаҵам.
Sputnik
Џьопуа: аԥстәқәа ирыхьуа акоронавирус ауаа рзы иахьа ишәарҭам

"Ари акоронавирус аԥстәқәагьы ирыхьуа чмазароуп, аха иара хкы рацәала иҟоуп. Иаҳҳәап, алақәа рыҩнуҵҟа иныҟәо ркьатеиқәа рнархьуеит, аха митәык ишәарҭам. Ауаа ирыхьуа акоронавирус аԥстәқәа ирыхьуа иҟамлацт. Ус еиԥш ачымазара ҿкы ҳаргьы иҳалшоит аарԥшра. Уи ауаҩы иҟынтәи аԥстәахьы ииасуа, мамзаргьы иааҳәны ауаҩ иахь ииасуа аҭагылазаашьа ҟамлацт, иахьа ус еиԥш ҳацәшәартә иҟам", - иҳәеит Џьопуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: