Арадио

Ламиаԥҳа: ачымазара иахҟьаны иаԥҵоу аԥкрақәа рышьҭахь аҵара мызкы иацҵазар бзиан

Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ адиректор Нонна Ламиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа зҵара хзыркәшо аҵаҩцәа аԥышәарақәа рыҽшазыҟарҵо атәы.
Sputnik
Ламиаԥҳа: ачымазара иахҟьаны иаԥҵоу аԥкрақәа рышьҭахь аҵара мызкы иацҵазар бзиан

"Ажәеизатәи аклассқәа хԥа ҳамоуп. Ԥсыхәа зламоу ала ахәыҷқәа рҽазыҟарҵоит, ирымоу абилеҭқәа рыла адҵақәа рыҟаҵара иаҿуп. Изхысхьоу ргәаладыршәоит. Ахатәы бызшәа иаҳа имариазар ҭелла аҽазыҟаҵара, аматематика ауадҩарақәа амоуп, аха уигьы излауала ҳаҿуп. Ҳҽеимаадоит, ҳаигәныҩуеит ахәыҷқәа арҵаҩцәеи, ишахәҭаҵәҟьоу еиҿкаамзаргьы, излауала ҳаҿуп. Егьырҭ аклассқәа рҿгьы издыруеит ус зҽазыҟазҵо, зегьы акәымзаргьы ԥыҭҩык аҿуп. Еиҳарак аиҵбыратә классқәа, апрограмма иахьымӡар ҳәа ишәаны аҭаацәагьы рхәыҷқәа ирыдтәалоуп. Ҳәарада, ахәыҷқәа ргәабзиара хадароуп, аха аҵарашықәс аиԥҟьарагьы хьаас иҳамоуп. Ибзиан ачымазара иахҟьаны иаԥҵоу аԥкрақәа рышьҭахь аҵаратә процесс мызкы аҟара иацырҵар, аха уи зыӡбаша Аҵара аминистрра ауп. Ишыҟазаалакгьы, ҳхәыҷқәа ацхыраара роуп ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ламиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: