Арадио

Ҭаниа акарантин еилазго ахараԥса рықәҵара аус азы: иззымдыруа рацәоуп

Гәдоуҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Вианор Ҭаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵа инақәыршәаны акарантин еилазго рзы ахараԥса рықәҵара аус шынагӡахо атәы.
Sputnik
Ҭаниа акарантин еилазго ахараԥса рықәҵара аус азы: иззымдыруа рацәоуп

"Гәдуоҭа араион амилициа аусзуҩцәа, апрокуратура аусзуҩцәа, асанитартә маҵзура аусзуҩцәа уҳәа зегь ҳаицны агәаҭарақәеи ауааԥсыра аинформациа рыҭареи азы аусурақәа мҩаԥаагоит. Ҳрацәажәоит. Ҳаилыркаауеит. Азин змамкәа ауз зуа даара имаҷуп иара иахьагьы. Уҭраҭыхк рыманы ақыҭараҟынтә иаақәаз ракәымзар, егьыс адәқьанқәа аус руӡом. Амшын азааигәара ус иныҟәо, зыԥсы зшьо маҷуп. Аха усгьы ажәлар ргәы рҽанаҳҵеит, ателехәаԥшрала ирылаҳҳәеит, амилициа аусзуҩцәгьы машьынала анхарҭатә ҭыԥқәа рҟны инеины алаҳәарақәа ҟарҵоит, есыҽны ажәлар ирыларҳәоит, убыс ауп макьаназы аусқәа шеиҿкаау", - иҳәеит Ҭаниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: