Гитлери Геббельси рыҽшыршьыз азы Сталин изаашьҭыз адыррашәҟәы кьыԥхьуп

Амаршал Жуков Сталин иахь иааишьҭыз ашәҟәы ҵаҵӷәыс иаман 3-тәи ар, "Смерш" 79-тәи ахысратә корпус адыррақәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Икьыԥхьуп амаршал Георги Жуков Иосиф Сталин изааишьҭыз адыррашәҟәы – Ахԥатәи ареих афиурер Адольф Гитлери апропаганда ареихсминистр Иозеф Геббельси рҽыршьит ҳәа асовет контрԥшыхәра адыррақәа. Адокумент арыцхә лаҵара 3, 1945 шықәса ҳәа иақәҩуп.

Гитлери Геббельси рыҽшыршьыз азы Сталин изаашьҭыз адыррашәҟәы кьыԥхьуп

Адокумент ишаҳәо ала, аконтрԥшыхәцәа Реихстаг аҵакыраҿы иааныркылеит Геббельс хаҭалатәи ихәыҟаҵаҩ Вильгельм Лангеи ареихсминистр игараж аиҳабы Шнаидери. Дара аҿахәҿыхраан ирҳәеит Гитлер мшаԥы 30 рзы иҽишьит, анышә дахьамадоу ҳаздырам, Геббельси иԥҳәыси лаҵара 1 азы рҽыршьит Реихстаг аҵаҟатәи аҽыҵәахырҭаҿы ҳәа.

Геббельс иусурҭатә кабинет аҿы ирбеит зыбжа блыз аԥсыбаҩқәа ҩба, Лангеи Шнаидери иаразнак аԥсыбаҩқәа Геббельси иԥҳәыси ишыртәыз рҳәеит.

Гитлери Геббельси рыҽшыршьыз азы Сталин изаашьҭыз адыррашәҟәы кьыԥхьуп

"Адыррақәа рышьақәырӷәӷәаразы лаҵара 3 рзы аԥсыбаҩқәа хәҩык итҟәаз агенералцәа идырбан, рҿахәы рҿыхуп, рфотосахьақәа ҭыхуп, адгьылҵаҟатә ҽыҵәахырҭаҿ аҭагылазаашьа гәаҭоуп. Адыррацҵақәа шәзынашьҭхоит", - иҩуан Жуков.

Адыррашәҟәы кьыԥхьуп Ар ҟаԥшь Берлинтәи рстратегиатә жәылара 75-шықәса ахыҵра аламҭалаз. Атәылахьчара аминистрра Архив хада аматериалқәа рҿы иаарԥшуп асовет ар ркомандаҟаҵаҩцәа рдырранҵақәа, ахсаалақәа, арезолиуциақәа, рнапынҵамҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: