Аҵарауаа авирус зшьуа ашоура аҩаӡара шьақәдыргылеит

Аексперимент амҩаԥгаразы аҵарауаа рхы иадырхәеит авирус чымазара змаз германиатәи ауаҩԥсы иҟынтәи акоронавирус иадырҟьашьыз африкатәи амаамын иаҵәа аҷаҷа ахацқәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Франциа, Прованстәи ауниверситет аҵарауаа ишьақәдыргылеит акоронавирус 92 градус ашоура аан 15 минуҭ рыла ишыԥсуа. Аҭҵаарақәа кьыԥхьуп аресурс bioRxiv аҿы.

Абиолог COVID-19 ахҟьаԥҟьақәа ртәы дрылацәажәеит

Авирус истандарттәу арзҩыдараан алабораториақәа реиҳарак иахьазы рхы иадырхәо ашоура 60 градус роуп.

Аха арҭ аҭҵаарақәа рымҩаԥгараан еилкаахеит акоронавирус 60 градус рҟынӡа ашоураҿы хәҭакахьала аҿиара алшартә ишаанхо.

Аҵарауаа аинфекциа ззыҟаҵаз ахацқәа аԥышәагаҵәцақәа ирҭарҵеит: руак ицқьаӡаз, аҩбатәи – аԥстәы ахыӡ зҭаз. 60 градус ашоураан ицқьаӡаз аҭыԥ аҿы авирус ԥсит, аха аҩбатәи аԥышәагаҵәыцаҿ ашьҭамҭа аанхеит.

Абри ашьҭахь ашоура шьҭыхын. Аексперимент амҩаԥысраан ишьақәыргылахеит акоронавирус 92 градус ашоура аан 15 минуҭ рыла ишыԥсуа.

Иахьатәи аамҭазы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара адыррақәа рыла, 2-миллионҩык инарзынаԥшуа авирус рымоуп, 131 000-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>