АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Адунеи ақьырсианцәа Ахәаша Ду азгәарҭоит иахьа, Иаса Қьырса Аџьар данкыдырҵаз иамшны.
Абри амш азы аныҳәарҭа идәылыргоит Иаҳхылаԥшхәу иқәыршә.
Ақәыршә рҵәахуам Амшаԥ аҽнынӡа.
Аурыс Уахәама атрадициақәа инарықәыршәаны, Анцәа иашьапкра ҩ-сааҭк рҟынӡа имҩаԥыргоит – Иаса Қьырса Аџьар аҟны ихигаз аамҭа иақәыршәаны.
Ахәаша Ду аан алитургиа мҩаԥыргаӡом.
Ахәашазы ауахәамақәа рҟны Иаса Қьырса игәаҟрақәеи иԥсреи ргәаладыршәоит, асабшаз – џьаҳаным дылбааны аиашауаа рыԥсаҭақәа рхы ишақәиҭитәыз, аԥсра дшаиааиз атәы рҳәоит.
Мшаԥы 19 рзы Амшаԥы, мамзаргьы Иаса Қьырса игылара амш азгәарҭоит.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус аламырҵәаразы мшаԥы 20 рҟынӡа ауаа рацәа реизара алмыршаразы аԥкрақәа алагалоуп. Убри азы аҳәара ҟаҵоуп арҭ адин мшқәа ауаа рыҩны идәылымҵыкәа иазгәарҭарц.
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа авирус змоу хҩык азгәаҭоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш шәҭәааит": амшаԥышәҭи акәтаӷьи