Арадио

Қаџьаиа: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҟынтә илгатәуп ахшыҩҵак хадақәа

Арасаӡыхь ақыҭа ахада Рамин Қаџьаиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит акарантин аамҭазы ақыҭа анхацәа ирыԥсҭазаашьоу.
Sputnik
Қаџьаиа: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҟынтә илгатәуп ахшыҩҵак хадақәа

"Анхацәа аарыхра иаҿуп. Атракторқәа ҩба ҳзаарышьҭын иахьа аус руеит. Макьана уахь проблема ҳамам. Араион аҟынтә иаҳа ацхыраара зхҭаху ҳәа аҭаацәа алкааны фатәқәак рыҭан. Ари аҭагылаазашьаҿы аихаҵгылара иаҳа иҟалеит, иҟалеит аибабарагьы. Ақыҭаҿы иара убас уажәы афымцатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара аганахьалагьы аусуракәа цоит. Ирацәаҩуп ақалақь аҟынтә аамҭала арахь иааз аҭаацәарақәа. Ԥыҭраамҭак ас иаанхар иаҳа еиӷьын, ақыҭа ԥсҭазаарагьы рбарын. Ақалақь уныҟәнагаӡом, иара ахатәы кәама-ҵамарақәа амоуп. Ари аҭагылазаашьа аҟнытә илгатәуп ахшыҩҵак хадақәа, аԥсҭазараа ахыҵхырҭа – ақыҭа шакәу", – ҳәа азгәеиҭеит Қаџьаиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>