Акоронавирус еиҳа ижәыло аштаммқәа адырбалеит

Аҵарауаа акоронавирус еиуеиԥшым аҽеиҭакрақәа ҭырҵааит китаитәи Ханчжоу аҟынтәи жәеизаҩык апациентцәа рҟны.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа аиуреи аҿиареи еиуеиԥшымхар алшоит иара зхылҿиааз аштамм ажәыларатә ҟазшьа зеиԥшроу еиԥш. Абри аҩыза алкаақәа ҟарҵеит Чжецзиантәи ауниверситет аҵарауаа. Аҭҵаарақәа кьыԥхьуп апортал MedRxiv аҿы.

COVID-19, иҭабуп: акоронавирус бзиарас иалаҳго

Аҵарауаа рдыррала, еиҳа ажәылаҟазшьа змоу COVID-19 аштаммқәа рыдбалан Италиеи Испаниеи руааԥсыра, еиҳа иԥсыҽу – Америка ауааԥсыра.

Иара убри аан аҵарауаа ргәаанаграла, иԥсыҽу аштаммқәа змоугьы егьырҭ ачымазара хкқәа рымазар, рықәра акыр инеихьазар – аԥсыҭбарахь икылнагар алшоит.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>