Путин: акоронавирус ашыкьымҭа макьана ԥхьаҟа иаҳзыԥшуп

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 47 нызқьҩык инареиҳаны акоронавирус рымоуп. Уахыки-ҽнаки рыла 4,2 нызқьҩык ирыхьит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Урыстәыла иахьазы акоронавирус аҿагыларазы актәи аетап қәҿиарала ишахнагазгьы ачымазара ашыкьымҭа макьаназ иаҳзыԥшуп ҳәа иҳәеит атәыла ахада Владимир Путин асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьазы аекспертцәа данрыҿцәажәоз.

Путин: акоронавирус адунеи зегь аҟны аԥсҭазаара анырра анаҭеит

"Актәи аетап ҳшаиааиз азы лкаақәак рыҟаҵара алшоит. Ҳара иҳалшеит алаҵәара аркәадара. Аха уи аҽырҭынчра ҳнаҭом. Аҟазауаа ишырҳәо ала, ачымазара ашыкьра макьаназ иаҳзыԥшуп", - ҳәа иҳәеит Путин.

Амшаԥныҳәаа тәылауаа ирыдныҳәало Путин иазгәеиҭеит атәыла хьыӡла-ԥшала ауадаҩрақәа ириааиуеит ҳәа. Иара ишиҳәаз ала, амчрақәа зегьы ҽеиуршәарала русура еиҿкаауп.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 47 нызқьҩык инареиҳаны акоронавирус рымоуп. Уахыки-ҽнаки рыла 4,2 нызқьҩык ирыхьит. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 405-ҩык.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>