Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла авирус рыдырбалеит 5642-ҩык

Авирус рымоуп ҳәа ашәҟәы иҭаргалаз рҟынтәи 45,5% рҿы ачымазара аҽаанарԥшуамызт. Зынӡа ашәҟәы иҭагалоуп 52 763-ҩык акоронавирус змоу ауаа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла авирус рыдырбалеит 5642-ҩык 78 регион рҿы. Абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагылараз fоперативтә штаб.

Рыԥсҭазаара иалҵит 51-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 427-ҩык.

Зынӡа ашәҟәы иҭагалоуп 52 763-ҩык акоронавирус змоу ауаа. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 456-ҩык. Ргәабзиара шьақәгылеит 3873-ҩык.

Убри аан Москва иахьаҵанакуа авирус аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рзы ирыманы ишьақәырӷәӷәоуп 3083-ҩык.

Зынӡа – 29 433-ҩык, ргәабзиарахь ихынҳәит 2057-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит – 233-ҩык.