Арадио

Ԥарулуа Бабышьра инхо рыбзазашьазы: уамак ҳашшыртә иҟам

Гәылрыԥшь араион ақыҭақәа Бабышьреи Уарчеи рхада Леван Ԥарулуа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟнытә" аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа ирыбзазашьоу.
Sputnik
Ԥарулуа Бабышьра инхо рыбзазашьазы: уамак ҳашшыртә иҟам

"Анхацәа досу ишрылшо руҭрақәа рҿы аус руеит, ақыҭаҟны аусутә еснагь иҟоуп. Афабрика, азауад уҳәа ус ауаа еидызкыло ақыҭаҟны акгьы аус ауӡом, аха рынхамҩақәа ирхылаԥшуеит. Уарчеи Бабышьреи хаз-хазы иҟан усҟан, аибашьра ашьҭахь еидырҵеит Бабышьра ҳәа ахьӡырҵеит, 3600-ҩык ауааԥсыра нхоит, ҩ -қыҭак ыҟоуп, аҳаиртә баӷәазагьы аҵанакуеит. Уи аус ауӡом, аха ихьчатәуп. Ҳқыҭауаа  ҩажәижәаҩык раҟара уа аус руеит, насгьы акаҭран ахьыҟарҵо азауад маҷқәак рҟынгьы ԥытҩык аус руеит. Егьыс ақыҭаҟны аусурҭа дук ҳәа акгьы ыҟам, ақалақь ахь ицаны аус руеит", - иҳәеит Ԥарулуа.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит афымцалашарала аиқәыршәареи, амҩақәа рҭагылазаашьеи азы иашшыртә ишыҟам. Убри аан иҳәеит ашкол аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәак шымҩаԥгоугьы иагу шмаҷым.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.