Урыстәыла раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи атурқәа нанҳәа акынӡа иазԥхьагәаҭам

Урыстәыла аҩнуҵҟа атурқәа заанаҵы рҿаҵара алшоит 2020 шықәса рашәара 1 инаркны ҳәа рҳәеит атуроператорцәа рассоциациаҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Акоронавирустә пандемиа инадҳәаланы иҟоу акарантинтә уснагӡатәқәа ирхырҟьаны Урыстәыла раԥхьатәи аҳәаанырцәтә турқәа нанҳәа акынӡа иазԥхьагәаҭам. Асеиԥш алкаа ҟаҵоуп заанаҵтәи аҿаҵақәа ирҿырԥшны ҳәа азгәарҭоит атуроператорцәа рассоциациаҿы.

Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсны "акризисшьҭахьтә" сиа ианырҵеит

Амаҵзура адыррақәа рыла, атуроператор дуқәа нанҳәа 1 еиҳа ииашоу ҿҳәароуп ҳәа иазырԥхьаӡоит.

Ус шакәугьы, аҟазауаа ргәаанагарала аҳәаанырцәҟа еиҿкаарыла аԥсшьарақәа рымҩаԥгара аҿҳәарақәа еиҭакхар алшоит. Асеиԥш агәаанагара цәырҵит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны.

Уаанӡа АТОР адырра ҟанаҵахьан акоронавирустә ҭагылазаашьа инадҳәаланы урыстәылатәи афедералтә туроператорцәа атурқәа рассортимент дырҭбаауеит ҳәа аҩнуҵҟатә хырхарҭақәа рҿеиԥш Аԥсныҟагьы.

Аԥсны акоронавирус аҿагылара иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>