Арадио

Шамԥҳа лаб Борис изы: ивыршьааз иҩызцәа рыхьыӡқәеи рыжәлақәеи ихаиршҭуамызт

Жәандрыԥшь ақыҭан ииз Борис Шамба 18 шықәса шихыҵуаз аибашьра дцеит. Иара иеибашьратә мҩа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иԥҳа Ельза Шамԥҳа.
Sputnik
Шамԥҳа лаб Борис изы: ивыршьааз иҩызцәа рыхьыӡқәеи рыжәлақәеи ихаиршҭуамызт

"Саб аибашьра дцеит 1943 шықәса рзы. Уи аԥхьа, 1941 шықәса рзы иаби иаб иашьцәа ҩыџьеи аибашьра ицахьан, дара рхабар ыҟаӡамкәа ианыҟала, 18 шықәса шихыҵуаз сабгьы дымцар имуит. Зны Донецктәи аобласть аҿы дыҟан, зны Краснодар. Кавказ ахьчараз ҳәа амедалгьы имоуп. 1947 шықәса рзоуп даныгьежьыз аҩныҟа, даара аџьабаа баны. Иара иаби иаб иашьцәеи рыԥсы ҭаны изыхнымҳәит, хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡан. Аӡәзаҵәык саб иаб иашьа, Мурад Шамба дыԥшаан, егьырҭ ахьжу иахьа уажәраанӡагьы иҳаздыруам. Донецктәи аобласт аҿы аԥшааратә гәыԥ дрыԥшааит ҳәа адырра анҳарҭа, иԥҳацәа иҳаҭгәын ахьыҟаз ицеит. Иара аиашьаратә ԥсыжырҭаҿы анышә дамадоуп, иԥсыбаҩ иԥсадгьыл гәакьахь иааугартә иҟаӡам. Саб ианашьаз амедалқәа даара ирацәан. Ҳан иҵәахны илыман, ҳаҭыр ҳзақәын, ҳаргьы иахьагьы иҵәахны иҳамоуп. Урҭ зыршаҳаҭуа ашәҟәқәагьы рыцуп. Саб иаҳзеиҭеиҳәон аибашьраҿы ихигоз, аӡынра ахьҭа ишакуаз. Аамҭаказы аимадараҿгьы дыҟан. Зны еиҭеиҳәеит цәаҳәак ԥҵәаны иҟаҵатәуп ҳәа адҵа аниоу, ахқәа шкаԥсоз аҭыԥ аҟынӡа дшынаӡаз. Еиҭеиҳәон иҩызцәа рҭахара шихигоз, аибашьра иацыз ахьаа зегьы. Ицеибашьуаз зегьы рыжәлақәа аҵыхәтәанынӡа игәалашәон", – ҳәа еиҭалҳәеит Шамԥҳа.

Борис Шамба изку аҭоурых иаҳа инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы, мамзарагьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: