АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Урыстәыла ауааԥсыра 168-нызқьҩык инареиҳаны амедицинатә бла рхуп COVID-19 рымазар ауеит азы. Абас адырра ҟанаҵоит Роспотребнадзор.
"Урыстәылатәи Афедерациаҿы 2,7 миллионк инареиҳаны акоронавирус амазааразы агәаҭарақәа мҩаԥгоуп. Иахьазы амедицинатә бла рхуп 168-нызқьҩык ауаа", – ҳәа аҳәоит адырра.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла атәылаҿы имҩаԥгоуп 169 нызқь гәаҭара.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, атәылаҿы ачымазара рцәа иалоуп ҩыџьа ауаа, аҩыџьагьы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп, даҽаӡәы лгәы бзиаханы ахәышәтәырҭа дылрыҩаахьеит.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>