АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Сынтәатәи ашықәс зегь реиҳа ишоуроу шықәсны аҭоурых ианылар алшоит. Абри аҩыза азԥхьагәаҭара ҟарҵеит урыстәылатәии америкатәии аметеорологцәа.
Аокеани атмосфереи рыҭҵааразы Америка амилаҭтә усбарҭа адыррала 2020 шықәса адунеи аҿы еиҳа ишоуроу шықәсны иҟалар алшоит. Урыстәыла агидрометцентр аҭҵаарадырратә напхгаҩы Роман Вильфанд абри аҿы америкатәи иколлегацәа ирҳәо дадгылоит.
"Ишшоурахо хымԥада еилкаауп. 99% рыла реиҳа ишоураз ашықәсқәа ирыҵанакуеит", - иҳәеит Вильфанд РИА Новости аинтервиу аҭо.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит иааиуа ашықәсқәагьы аҳауа акыр ишоурахар ҟалоит ҳәа. Ари аглобалтә ԥхарра аҟазшьоуп ҳәа азгәеиҭеит Вильфанд.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ахсалԥҳа еиҭалҳәеит аҳауа аԥхарра ашьҭыҵра ицәырнагар зылшо ахҟьаԥҟьақәа ртәы
Ахсалԥҳа еиҭалҳәеит аҳауаҽыԥсахра Аԥсны ишаныԥшуа