Ухань ахәышәтәырҭақәа рҿы акоронавирус зманы иҟоу аӡәгьы даанымхеит

Акоронавирустә инфекциа адунеитә пандемиа ахы акит китаитәи апровинциа Хубеи ақалақь Ухань аҟынтәи.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Иахьатәи аамҭазы акоронавирустә инфекциа адунеитә пандемиа ахы ахьакыз китаитәи апровинциа Хубеи ақалақь Ухань ахәышәтәырҭақәа авирус аганахьала уаҩ дырҭам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Китаи агәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы Аҳәынҭеилакы ахаҭарнак Ми Фен иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аҳақьымцәа рымчала мшаԥы 26 рзы Ухань ақалақь аҿы акоронавирустә инфекциа аӡәгьы имам", - иҳәеит Ми Фен.

Аепидемиа иаалагазар Ухань ашәҟәы иҭагалан 50 333 коронавирус-хҭыс. Рыԥсҭазаара иалҵит 3 869-ҩык.

Иахьазы адунеи иахьаҵанакуа авирус рымоуп ҳәа иазгәаҭоуп 2 миллионки 908 нызқьҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 203 000-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>