Урыстәыла Аминистрцәа реилазаараҿ иалацәажәеит атуроператорцәа рыцхыраашьас иҟоу

Асубсидиа аиуразы атуроператор аҳәаанырцәтә иуристтә хаҿы иакәымзароуп, иара убасгьы аҳәаанырцәтә иуристтә хаҿы илагала 50 процент еиҳау аԥҟаԥҵәатә капитал змоу урыстәылатәи иуристтә хаҿымзароуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра акоронавирус иахырҟьаны ацәыӡ зауз атуроператорцәа асубсидиа рыҭаразы аԥҟарақәа рыдыркылеит. Абри азы адокумент аиҳабыра рсаит аҟны икьыԥхьуп.

Атуроператорцәа иазгәарҭоит акурорттә сезон аан атуристцәа маҷхоит ҳәа

"2020 шықәса рзы асубсидиақәа афедералтә биуџьет аҟынтәи атуроператорцәа рцәыӡқәа рхарҭәааразы рыҭаразы ашәҟәқәа еиқәыршәазааит", - аҳәоит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин инапы зҵаиҩыз аусдҵа.

Асубсидиақәа роуеит атуроператорцәа иаку рфедералтә реестр иарбоу аиҿкаарақәа. Атурбизнес аепидемиа иахырҟьаны еиҳа ахарџь зауз аусхкқәа рахь иаҵаркуп Урыстәыла.

Атуроператорцәа ахархәара змоуз атурқәа рзы рклиентцәа рԥарақәа шрыздырхынҳәызи атуристцәа шахыргази шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәа рымазароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: