Арадио

Чамагәуа: угәы иаахәаратәы адгьыл иқәаарыхуа анхацәа рхыԥхьаӡара иацлеит

Маҷара ақыҭа ахада Оҭар Чамагәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа рнапы злаку аус атәы.
Sputnik
Чамагәуа: угәы иаахәаратәы адгьыл иқәаарыхуа анхацәа рхыԥхьаӡара иацлеит

"Аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы аус зуа ҳқыҭаҿы ирацәам, доусы руҭрақәа рҿы аус руеит, рымхурсҭақәа ирҭоуп. Ачымазара иахҟьоу сыздырым, аха угәы иаахәаратә иҟоуп ԥыхьа аасҭа уажәы иаҳа ақыҭаҿы адгьыл иқәаарыхуа рхыԥхьаӡара ахьырацәахаз. Зегьы раандақәа куа, рыдәқәа рыцқьаны, аусура иаҿуп. Анаплакы ҳа Маҷара акгьы иаартны иҟам, иҳамоуп адгьылқәа аҳәынҭқарра қьырала иахьраҳҭаз, абаҳчақәа рҿы ацитрус еиҭаҳан ирымоуп, аԥшәмацәа ирхәышәтәуеит, хылаԥшра арҭоит. Ақыҭаҿы аерманцәа рыдагьы аԥсуаагьы ыҟоуп, урҭ убасҵәҟьа аус руеит, ирбоит иҟоу аҭагылазаашьа, еилыркаауеит, ҳазҭагылоу аамҭазы ухы уацхраар иаҳа ишеиӷьу, абасала зегьы аусура иаҿуп. Усда длеиҩеиуа аӡәы акы даҿымкәа убаӡом. Иахьа ақыҭа срылсхьеит, зегьы угәы иаахәаратәы аусура иаҿуп", - ҳәа азгәеиҭеит Чамагәуа.

Маҷара ақыҭа ахада иажәақәа рыла ақыҭаҿы уаныҟоу, анхаҩы иудгылазароуп. Уамак узимыцхраауазаргьы, уанидҵаалалак игәы иаахәоит, ухабар зынӡаск имбар ушыҟоугьы ихашҭуеит, ҳәа азгәеиҭеит Чамагәуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: