Арадио

Бебиа Аԥсны ашыц аҿиаразы: аԥсабара ҳацхраап ҳәа ҳгәыӷуеит

Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы ашыц аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik

 

Бебиа Аԥсны ашыц аҿиаразы: аԥсабара ҳацхраап ҳәа ҳгәыӷуеит

"Аџьабаа ду боуп ашыц ахәышәтәра аганахьала, аха изхәаз ҳәа акгьы ыҟам. Еиқәханы иҟоуп ԥыҭк, аха ҳаԥхьаҟа изеиԥшрахо макьана еилкаам, иара аԥсабара ахала еиқәнамырхозар, ҳара иҟаҳҵо ахәом. Ҳтәыла аекономика аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилкаауп. Аҿкы чымазара иахҟьаны еиҳагьы еицәахеит аҟнытә, наҟ-наҟ ари аус иаԥсыхәо ҳәа сыздыруам, иааиуа ашықәсқәа рзгьы усурақәак мҩаԥгахап ҳәа сыҟам. Алхрақәа раан иахьа амчраҿы иҟоу рыпрограммаҿы иарбан Аԥсны аекологиатә ҭагылазаашьа агәҭынчымра шрызцәырнаго атәы, иацхраар рҭахуп, аха ирылшома уи егьырҭ ауадаҩрақәа ирхашәаланы? Ашыц, ахьа, апальмақәа уҳәа ацхыраара зыҭатәу аҵиаақәа рацәоуп. Адунеи зегьы аҿы аҳауа аҽыԥсахра Аԥсынгьы анырра анаҭоит, ҳазыҟаҵома ҳара уи? Убри ауп аус злоу. Ашыц ҩ-миллионк шықәса раԥхьагы иҟан, егьа агәаҟра ыҟан, аха иахнагоит, аригьы аԥсабара амчала иазыхгозар ҳәа ҳхәыцуеит, убри ауп гәыӷрас иҳамоу", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бебиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: