АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Урыстәыла иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы иаарԥшын 7933 коронавирус хҭыс ҿыц, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы аоперативтә штаб. Ичмазаҩхаз рахьтә 44,5% аҿкы симпотомада имҩасуеит.
Уахыки-ҽнаки рыла 92-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Убри аан ргәабзиара шьақәгылан, ахәышәтәырҭақәа ирҭырҩааит 1601 пациент. Зегь реиҳа ачымазаҩцәа рацәоуп Москва.
Аҳҭнықалақь аҿы 3561 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп. Зынӡа иахьазы Урыстәыла акоронавирус рыхьит ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп 114 431 уааԥсыра атәыла арегионқәа 85 рҟны. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 1169-ҩык, ргәабзиара ҭышәынтәалахьеит 13 220-ҩык.
Иацы еилкаахеит акоронавирустә ҿкы шихьыз Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.
Иара ихала ахада Владимир Путин иеиҳәеит идиагноз атәы. Иара ахада агәра ииргеит аиҳабыра аус шыруц активла ишыруло, иара иакәзар, еснагь аусура дшазҿлымҳазаауа.
COVID-19 иаҿагыланы ақәԥаразы мшаԥымзеи лаҵарамза азбжаки шусуратәым рыларҳәеит, арегионқәа рҟны ахыԥхьакратә режим иқәныҟәоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәылауаа жәпаҩык рҽыԥхьакра ашьҭахь астресс рхыргарц Аԥсныҟа иаар рҭахуп
Бганба Ҭырқәтәыла акоронавирус азы: ачымазаҩцәа маҷхеит, аха еиҭа ҩымз ҳхы ҳахьчалароуп