Урыстәыла иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы жә-нызқь реиҳа коронавирус хҭыс ҿыц ҟалеит

Урыстәыла иахьаҵанакуа акоронавирус алаҵәара иалагеижьҭеи 120 нызқь инареиҳаны коронавирус хҭыс ҟалахьеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иазгәаҭоуп 9623 коронавирус хҭыс ҿыц, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 иаҿагыланы ақәԥаразы аоперативтә штаб. Ичмазаҩхаз рахьтә 46,6% рчымазара симптомада имҩасуеит.

Уахыки-ҽнаки рыла 57-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Убри аан ргәабзиара шьақәгылан, ахәышәтәырҭақәа ирҭырҩааит 1793 пациент. Зегь реиҳа ачымазаҩцәа уаанӡеиԥш ирацәоуп Москва. Аҳҭнықалақь аҿы 5358 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп. 

Зынӡа иахьазы Урыстәыла акоронавирус рыхьит ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп 124 054-ҩык ауааԥсыра атәыла арегионқәа 85 рҟны. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 1222-ҩык, ргәабзиара ҭышәынтәалахьеит 15 013-ҩык.

Уаанӡа еилкаахеит акоронавирустә ҿкы шихьыз Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин. Уи идагьы COVID-19 шрымоу шьақәырӷәӷәан аргыларазы аминистр Владимир Иакушеви уи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Волкови.

COVID-19 иаҿагыланы ақәԥаразы мшаԥымзеи лаҵарамза азбжаки шусуратәым рыларҳәахьан, арегионқәа рҟны ахыԥхьакратә режим иқәныҟәоит.