Арадио

Салаҟаиа агазеҭ "Гал" азы: агәыӷра ҳамоуп аусура еиҭахацнаркып ҳәа

Агазеҭ "Гал" аԥҵаҩы, аредактор Ныгәзар Салаҟаиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уажәтәи аамҭазы акьыԥхь аԥхьаҩцәа рнапаҟны изыҟам, насгьы уа ианылоз аматериалқәа хырхарҭас ирымаз атәы.
Sputnik
Салаҟаиа агазеҭ "Гал" азы: агәыӷра ҳамоуп аусура еиҭахацнаркып ҳәа

"2017 шықәса раахыс агазеҭ уарла-шәарла иҭыҵуеит, зынӡагьы иаангылоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аусзуҩцәа зегьы аамҭала аусура аҟнытә иаушьҭын. Аусурҭа зыԥшааз ыҟоуп, иҟоуп иахьагьы мааҭк ахьдырҳашагьы ззымыԥшаац. Агәыӷра ҳамоуп уажәы иҟалаз аиҭкрақәа ирыбзоураны агазеҭ аусура хацнаркып ҳәа. Иара х-бызшәак рыла иҭыҵуан. Араион ахадара даара рҽазыршәеит газеҭк аҭыжьра еиҭалагарц, шықәсык аԥхьа Изида Ҷаниа "Самырзаҟан" ҳәа ахьӡҵаны лҽазылкит араионтә газеҭ аҭыжьра, аха иара урыс бызшәала мацароуп ишьҭыҵуагьы. Насгьы уи ахықәки ахырхарҭеи зынӡа ҽакуп. Ҳәарада, ҳара ҳраион аҭагылазаашьеи, ара имҩаԥысуа ахҭысқәеи, ауаажәларра-политикатә хҭысқәеи зеиԥшла ҳанрылацәажәоз ыҟан, уи ауп хырхарҭасгьы иамаз. Ҳаӷа ипропаганда иаҿагылаз аматериалқәа ахьынӡаҳалшоз еиқәҳаршәон. Аԥсуа жәлар рыгәҭакы нагӡа аарԥшра акәын изызкыз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Салаҟаиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: