Аҵарауаа акоронавирус иаиааиуа атәымцәеижьҿагылақәа аԥырҵеит

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла адунеи аҿы акоронавирус рымоуп 3,4 миллионҩык. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 240 нызқьҩык.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Аҵарауаа аексперименталтә атәымцәеижьҿагылақәа рсинтезҟаҵарала алабораториаҿы акоронавирус аиааира рылшеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҭҵаарақәа мҩаԥыргон голландиатәи аҵарауааи Утрехтәи ауниверситет аҟынтәи анемец ҵарауааи. Аусурақәа равторцәа ражәақәа рыла, амоноклоналтә атәымцәеижьҿагылақәа авирус ахӡы иаҿагыланы ахацқәа рахь инанашьҭуам. Аекспериментқәа раан ахархәара рыҭан генетикала амодификациа змоу аҳәынаԥқәа. Алҵшәақәа анҵоураха ашьҭахь аҵарауаа ирыӡбеит ауаҩы инаалаша атәымцәеижьҿагыла аус адулара.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи аҟны акоронавирус рымоуп 3,4 миллионҩык. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 240 нызқьҩык. Урыстәыла ачымазара рымоуп 155 нызқьҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 1451–ҩык, ибзиахеит 19 нызқьҩык инареиҳаны.

Аԥсны иахьаҵанакуа хҩык авирус рыман. Ҩыџьа ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: