Шәрыԥхьа аибашьра иазку ажәеинраалақәа: Матвиенко Аиааира 75 шықәса ахыҵразы

Аиааира ду 75 шықәса ахыҵра аламҭалазы Sputnik Урыстәыла Афедералтә еизара Афедерациатә хеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко илыҳәеит ирзеиҭалҳәарц апандемиа аамҭазы аиубилеи аԥылара ахьынӡалгәаҳәо.
Sputnik

Sputnik

Валентина Иван-иԥҳа иҳабжьылгеит аибашьра апоезиа ҳаԥхьаларц, лара лхаҭагьы еиҳа бзиа илбо жәеинраалак даԥхьеит. Амаҵзура Sputnik аинтервиу аҭо, лара илҳәеит Роберт Рождественски ирҿиамҭа дзазааҭгылаз.

- Валентина Иван-иԥҳа, иахьатәи аҭагылазаашьаан Аиааира аиубилеи амшныҳәа зеиԥшраны шәахәаԥшуазеи? Шәара шәрылацәажәахьан аҩнытә архивқәа, афотосахьақәа, уаҳа абри ахҭыс аҩаӡара аилкааразы ихадароузеи?

- Ажәеинраалақәа… Аибашьра иазку ажәеинраалақәа. Шәхаҭақәагьы шәрыԥхьала. Шәхәыҷқәагьы шәырзаԥхьала… ИАР атәылақәа рпарламентбжьаратә ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны апроект азҳархиеит: актиор, аветеран, аполитик, абиԥара ҿа ирыҵаркуа жәеинраалак-жәеинраалак иаԥхьоит. Саргьы, сколлегацәа реиԥш, апроект сҽаласырхәит. Исҭаху алысхырц сарҳәеит. Мызкы иназынаԥшуа схәыцуан. Иуадаҩын акы алхра. Апроект еиласхәарц ак сыгымхеит. Формалла азнеира сҭахымызт. Сеиҭарыԥхьеит аибашьра иазкыз ажәеинраалақәа. Уажәы Аиааира ду амшныҳәа аламҭалаз уи еиҳагьы ихәарҭахеит. Аиҳаракгьы афронтовикцәа-апоетцәа рырҿиамҭақәа уанрыԥхьо зегьы даҽакала иуныруеит.

- Иарбан рҿиамҭақәоу еиҳарак шәгәы хызхыз?

- Симонов, Твардовски, Окуџьава, Друнина, Берггольц… "Я убит подо Ржевом", "Если дорог тебе твой дом", "Я ухожу от пули", "Ты вернешься", "Накануне"… Уаԥхьа дааины даагылоит аибашьраҿы иаиааираны иҟоу асолдаҭ… Заҟа ҭакԥхықәра, заҟа гәрагара, заҟа аԥсҭазаарахь абзиабара рацәа... Ажәацыԥхьаӡа ирныԥшуеит. Аиҳаракгьы афронтовикцәа. Уа урылагылоушәа ухы убоит… Аха Роберт Рождественски и-"Реквием" аҟны саангылеит. Шәынтә иуаҳахьеит, шәҩык аԥхьахьеит, аха амчра саднаҳәалеит. Ииасхьоу амшқәа аганахь угылан уанрыхәаԥшуа, афырхаҵара ануныруа иеиԥшхеит. Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иулаӡҩоит. Анаӡаӡара уаланахалоит. Илаԥшхырԥагоуп. Ажәақәа мариоушәа иҟоуп, аха ушьҭырхуеит. Шәаԥхьа.