Арадио

Гәынба Аиааира Ду амшныҳәаз: аҭоурых – ажәлар ршьа-рда иалоуп, хашҭра ақәым

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы Аџьынџьтәылатә еибшьар ду аветеранцәа дрыдныҳәалеит, еиҭеиҳәеит аҭоурых аиқәырхара ҵакыс иамоу.
Sputnik
Гәынба Аиааира Ду амшныҳәаз: аҭоурых – ажәлар ршьа-рда иалоуп, хашҭра ақәым

"Афашизм иаҿагыла, ауаа рхы-рыԥсы ақәҵа, уаҵәы игылараны иҟоу абиԥарақәа ирызхәыцны инарыгӡаз аус акыр аҵанакуеит. Ҳабдуцәа, Аԥснынтә еибашьуаз зегьы знысыз амҩа ҳхаҳаршҭыр ҟалом. Урҭ рфырхаҵара рымардеит ҳаҷкәынцәа 1992 шықәса рзы. Абас иацҵаны, Аиааира Ду ҳзаазгаз ҳабдуцәа ирхылҵыз аҷкәынцәа роуп еиҭа ҳаԥсадгыьл ахақәиҭра азаазгазгьы. Сара сзы ари ныҳәа дууп, иара Аԥсны иқәынхо зегьы рзы. Иага аҭоурых уҵәахуеит ҳәа уалагаргьы, ахаангьы уи залыршахом. Ари Аиааира Ду ажәлар ршьа-рда иалоуп, абиԥаралагьы инаргалоит. Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа, аҭоурых аиҭакразы, уи алацәажәарагьы аҭахны исыԥхьаӡом. Ихадоу, ҳабдуцәа зхысыз, иахьа аҭоурых иазынхаз хамшҭкәа абиԥара ҿыц рызнагароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: